21-02-2022 Леуарса Быҭәба иира мшы аҽны игәалашәара иазку ацәыргақәҵа. by APSUA RADIO published on 2022-02-21T14:12:57Z Акультуратә усуратә платформа «Гәыма» аҟны иаатит мышктә асахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба ицәыргақәҵа. Ацәыргақәҵахь ааҧхьара рыман Леуарса Быҭәба иҩызцәа, иҭаацәа. Асахьаҭыхҩы иира мшы аҽны иӡыргахоит аҟаза хаҭалатәи иколлекциа, ихатәы маҭәақәа, «Ахьӡ – аҧша» аорден аескизқәа рҿырҧштәқәа, аҭаацәаратә архив аҟынтә афотосахьақәа. Анҵамҭа: акорреспондент Алина Кәартааҧҳа, абжьы арежиссиор Нази Армазан.