22-02-2022 Аҵарадырразы азакәан апроект актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит. by APSUA RADIO published on 2022-02-22T12:20:56Z Ҳазҭоу ашықәс жәабран жәибижь рзы Жәлар реизара апарламент аилатәара актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит «аҵарадырразы» азакәан. Иӡыргаз апроект актәи ахәҭа аҿы ишазгәаҭоу еиҧш, азакәан нархоуп ауаажәларратә зыҟазаара аҵарадырра аусхкы аиҿкаараҿы, Аҧсны атәылауааи, аҳәаанырцәтәи атәылауааи, атәылауаҩра змам ахаҿқәеи аҵарадырразы рконституциатә зин анагӡаразы. Анҵамҭа: акорреспондент Алина Кәартааҧҳа, абжьы арежиссиор Нази Армазан.